Аҟәа ахаҿра зырбеио: ақьырмыт иалху архитектуратә ҭынха

© Sputnik / Томас ТхайцукИван Бегич ииргылаз иахьа Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи 3-тәи ашкол
Иван Бегич ииргылаз иахьа Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи 3-тәи ашкол - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Архитектор Иван Бегич XX ашәышықәса алагамҭазы иргылаз ахыбрақәеи урҭ иахьатәи рҭагылазаашьеи атәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҟны.

Sputnik

XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥсны иҟан зынӡа фы-школк. Урҭ рҟынтәи ҩба Аҟәа иҟан – Ашьхаруаа рышколи аҳәса ргимназиеи. Маҷ-маҷ еизҳауаз ақалақьуаа рхыԥхьаӡара адҵа ҿыцқәа иқәнаргылон. Убас, хәыҷы-хәыҷла ақалақь аҟны аусура иалагеит еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа. Убарҭ иаарылукаауа иҟан архитектор Иван Бегич ипроект ала иргылаз ақьырмыт иалху ахыбрақәа ҩба.

Сариеи Нестори Лакобаа рыҩны. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Сариеи Нестори рыҩны

"Цәыббрамзазы, мыш каххаак азы сани сареи ашкол ахь ҳцеит. Ашҭа ҳанҭаланы ахаҳә мардуан ду ҳнаҿалан, хыхь ҳаҩхалеит", - абас иҩуеит Фазиль Искандер иажәабжьқәа руак аҟны, аҵара ахьиҵоз ишкол аӡбахә далацәажәо.

1900 шықәса рзы, Подгорнаиа захьӡыз амҩаҟны арратә нџьныр, архитектор Иван Николаи-иԥа Бегич ипроект ала иргылан ҩбаны еихагылаз ахыбра ссир.

Бегич Аҟәа иргылеит иакымкәа-иҩбамкәа ахыбрақәа, урҭ иаарыкәыршаны игылаз ирылумкаар ауамызт. Усҟан, акәым иахьагьы урҭ акгьы иалаҩашьом. Архитектор иҷыдоу ихатә стиль, ихатә знеишьа иман.

Ааигәа Фазиль Абдул-иԥа ихьӡ зхырҵаз аҟәатәи амҩақәа руак (уаанӡа Март 4 амҩа - аред.) аҟны Иван Николаи-иԥа ианиаамҭаз иргылаз ашкол аҿоуп аҵара ахьиҵоз Искандер ихаҭагьы. Ҟазарала ари ахыбра иара Бегич егьырҭ ирҿиамҭақәагьы ирылукаартә еиҿкаан, иԥшӡан.

АНА - Sputnik Аҧсны
Ажәытәтәи аԥшӡара зцәымӡыц: аҵарауаа рвиллақәа

Абри ахыброуп Искандер иажәабжьқәа рмотив ала иҭыху акинофильм "Время счастливых находок" аҟны иубо.

Архитекторцәа уи аргыламҭа абас ахырҳәаауеит:

"Ақьырмыт аԥшшәқәа ҩба еимаданы иргылоу ари ахыбра иаразнак уатҟәоит. Уи еиуеиԥшым асахьақәа рыла ихыркуп. Архитектуратә детальқәа шырацәоугьы, убла дырааԥсом", - ҳәа иҩуеит Бронин.

Ашәышықәса алагамҭазы араҟа аус ауан иреиҳау алагарҭатә училишьче. Еицырдыруа археолог, Аҟәа архитектура иазку аҭҵаамҭақәа равтор Анзор Агәмаа ишиҳәоз ала, ари аучилишьче аҟны аҵара мҩаԥысуан абыжьбатәи акласс аҟынӡа. Ианаадыртыҵәҟьа аҵара зҵоз аҷкәынцәа рхыԥхьаӡара хышәҩык рҟынӡа инаӡон, қәрала 10 инаркны 25 рҟынӡа рхыҵуан. Акраамҭа аучилишьче анапхгаҩыс дыҟан Митрофан Иван-иԥа Атаманаки.

Городская больница им. Остроумова. - Sputnik Аҧсны
Остроумов и-Аҟәа

Араҟа еиҳа ирацәаҩыз ақырҭцәа рхәыҷқәа ракәын, нас – аурысқәа, аерманқәа. 1910 шықәса рзы, иҟоу адыррақәа рыла, аҵара рҵон 26-ҩык аԥсуаа. Зынӡа аус руан ҩажәаҩык арҵаҩцәа.

Убарҭ дреиуан аԥсуа рккаҩы, ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Андреи Ҷоҷуа. Иара илшаралоуп араҟа аԥсуа бызшәеи атәылаҿацә аҭоурыхи маҭәарк аҳасабала аҵаратә процесс ишалагалахаз.

Иахьатәи аамҭазы ари ахыбра ҩаԥхьа аԥсҭазаара ҿыц аиуит. 2017 шықәсазы еиҭашьақәыргыланы, ашәқәа аанартит Аҟәа ашколхәыҷқәа рзы.

Абри ахыбра иацәыхарамкәа, мрагыларахьтәи аган ахь ишьҭоу Басариа имҩаҿы игылоуп Бегич даҽа иргыламҭакгьы - ҩбаны еихагылоу, ақьырмыт ҟаԥшь иалху ахыбра ԥшӡа. Уи 1905 шықәса рзы иргылан. Уа аус ауан Аҟәатәи ареалтә училишьче.

Ари аҵараиурҭа ашьапы кын ақалақьуаа раԥшьгарала. Урҭ Урыстәыла Аҵара аминистррахь ашәҟәы рҩит, Аҟәа ареалтә училишьче аартра иахаҵгыларц аҳәара ахьыҟарҵоз. Аминистрраҟны ари ажәалагала иақәшаҳаҭхеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукИван Бегич ииргылаз иахьа Аҟәатәи аиндустриалтә коллеџь ахьыҟоу ахыбра
Аҟәа ахаҿра зырбеио: ақьырмыт иалху архитектуратә ҭынха - Sputnik Аҧсны
Иван Бегич ииргылаз иахьа Аҟәатәи аиндустриалтә коллеџь ахьыҟоу ахыбра

1905 цәыббрамзазы официалла иаадыртит. Актәи ашықәс азы ара аҵара рҵон 107-ҩык. Аҵара ахәԥса ахыршәаауан - шықәсык ахь 40 мааҭ.

Ари ахыбраҟны иахьа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә индустриалтә коллеџь аус ауеит.

Агәыӷра ҳамоуп Аҟәа ақалақь зырԥшӡо, иҷыдоу ахаҿра шьақәзыргыло архитектуратә баҟақәа рҭагылазаашьа азхьыԥшра роуп, еиқәырханы иаанхап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0