АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа рахь днеиит Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа аӡбра ашьҭахь.
"Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа атәыла ахада иалхрақәа реихшьаалақәеи рылкаақәеи азакәаншьаҭа рыман ҳәа аӡбра аднакылеит. Уажәшьҭа ҳара иаҳусу ҳҿаԥхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбра напаркроуп. Апроблемақәа рацәоуп, аха ажәлар рыцхыраарала зегьы рҭыԥ иқәҵахоит", - иҳәеит иара.
Рауль Ҳаџьымба иҳәеит илшо зегьы шыҟаиҵо Аԥсны ауаажәлар рыбзазара аиӷьтәразы.
Цәыббра 9 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада аофициалтә дырра ҟанаҵеит: Аԥсны ахада иалхрақәа раан аҩбатәи атур аихшьаалақәа рыла атәыла ахадас Рауль Ҳаџьымба далхуп ҳәа.
Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 793-ҩык алхыҩцәа, Кәыҵниа изы - 38 766–ҩык алхыҩцәа. Абжьыҭарахь инеит 65,99% алхыҩцәа.
Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ мап ахьацәнакыз азы иазашшырц рыгәҭакуп
Амчреи аоппозициааи рыдгылаҩцәа реизарақәа ҭынчрыла имҩаԥысуеит