Аоппозициаа ԥхьаҟатәи рхымҩаԥгашьа атәы иалацәажәараны иҟоуп

Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Аоппозициаа хара имгакәа аизара мҩаԥаагашт, уа ҳалацәажәоит ԥхьаҟатәи ҳхымҩаԥгашьеи ҳусқәеи ҳәа иҳәеит Алхас Кәыҵниа идгылаҩцәа данрыҿцәажәоз.

Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ мап ацәнакит

"Ҳара ҳоппозициатә усура мап ацәаҳкуам. Егьырҭ аполитикцәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ҳарԥылараны ҳаҟоуп. Иҟалоит аизара ду мҩаԥгана ҳапланқәа ҳрылацәажәар", - иҳәеит иара.

Цәыббра 20 рзы имҩаԥысуаз Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭаҿы Аԥсны АКХ абжьыҭирашьҭахьтәи алкаақәа рганахь ала Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ мап ацәнакит.

"Уажәазы акгьы ӡбны иҳамам. Ҳаилацәажәараны ҳаҟоуп. Аӡбамҭа ҳахашшаар ҟалоит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Цәыббра 9 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада аофициалтә дырра ҟанаҵеит: Аԥсны ахада иалхрақәа раан аҩбатәи атур аихшьаалақәа рыла атәыла ахадас Рауль Ҳаџьымба далхуп ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 793-ҩык алхыҩцәа, Кәыҵниа изы - 38 766–ҩык алхыҩцәа. Абжьыҭарахь инеит 65,99% алхыҩцәа.

Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: