Ашьхараҿы амотохысцәа аҽазныкгьы "аӷа" ииааиит

Мчыбжьык аҩныҵҟа 1000-ҩык инарзынаԥшуа аруаа злахәыз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Кавказ ашьхақәа рҿы иҟоу аполигон "Ҵабал" аҟны.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Урыстәылатәи амотохысцәа "аӷа" ижәлеит Кавказтәи ашьхақәа рҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аԥсны иҟоу ААО азенитчикцәа аԥырҩы дызҭам "аӷа" иҳаирпланқәа карыжьит

Аҽазыҟаҵарақәа рыплан инақәыршәаны, аруаа рхы иадырхәеит акәылӡтәы транспартиорқәа БТР-82АМ, аминометқәа "Сани", агранатаршәгақәа АГС-17 и РПГ-7.

"Аӷа" танклеи артиллериалеи деиқәшәан. Иҟалар зылшо аибашьратә ҭагылазаашьа аԥҵаразы ахархәара рырҭон аимитациатә зариадқәа ИМ-120, адырраҭаратә ракетақәа.

1000-ҩык инарзынаԥшуа аруаа, 300-цыра арратә техника злахәыз аҽазыҟаҵарақәа рфинал аҿы аррамаҵзурауаа "аӷа" хыԥхьаӡарала дышреиҳазгьы ииаир акәын.

Амчыбжь аҩныҵҟа ишьаҽын 1500 инарзынаԥшуа ахықәкқәа, ахы иархәан 25 нызқь цыра аџьаԥҳаны, шәкы рҟынӡа артиллериатә снариадқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: