АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 30, 2019 шықәса рзы Аԥсны ақалақьқәа бжьба рҟны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит ари амҩасра аиҿкааҩ Лариса Ҭарԥҳа.
Лара ишазгәалҭаз ала, аибашьраани уи ашьҭахьи иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа кны акциа алахәылацәа мҩасуеит Пицунда, Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Очамчыра, Тҟәарчал рымҩақәа рҟны. Аҟәеи, Аҟәа араиони, Гәылрыԥшьи иқәынхо еиқәшәаны аҳҭнықалақь иалсуеит.
"Аҟәа ақалақь аҿы акциазы аҽеидкылара иалагоит асааҭ 11:00 рзы, амҩасра иалагоит асааҭ 12:00 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҟынтәи Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәанӡа, уи ианыланы Аидгылара амҩала инеиуеит. Уи аамҭазы уа арратә парадгьы хыркәшахоит. Акциа алахәцәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵоит, анаҩс Ахақиҭра ашҭахь идәықәлоит", - лҳәеит Ҭарԥҳа.
2019 шықәсазы акциа иалахәхо рхыԥхьаӡара макьана еилкаам. Уаанӡа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо уи рҽаладырхәуан ҩнызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра.
Акциа еиҿыркаауеит "1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса-ахымхәацәа рассоциациа".
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Усҟан уи рхы аладырхәит ҩнызқьи бжаки ауааԥсыра.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Ԥсра зқәым архәҭа" Ахақәиҭра ашҭа иқәсит