АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ашьхарамҩақәа ирҿысны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы. Аҽазыҟаҵарақәа раан арратә еилазаара рҿаԥхьа еиуеиԥшым аусдҵақәа ықәгылан.
"Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа арратә техника анапаҿы аагара рҽазыршәон ашьхаратә мҩацәгьақәеи аҿҟьарақәа рҿысраани. Атехника аныҟәцаҩцәа ашьхаӡиасқәа ирырсуан, амҩалакьҭақәа ирҿысуан", - ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Амарш иахықәкын иаарласны аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟынтәи ар ахьгылоу аҭып ахь рнеира. Иааидкыланы ар 250 километра ирхысит. Аҽазыҟаҵарақәа мчыбжьык инеиҳаны имҩасуан.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын зықьҩык инарзынаԥшуа аруаа, 300 рҟынӡа арратә техника: автомашьынақәа УАЗ, ГАЗ, акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ "Мустанг".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ашьхараҿы амотохысцәа аҽазныкгьы "аӷа" ииааит