Арадио

Надараиа Аҟәа ахақәиҭтәразы: Аԥсны алахьынҵа аныӡбахоз аамҭа акәын

Аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Ҭемыр Надараиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәеит Аҟәа аҭарцәразы ажәылара иаԥхьагылаз ахҭысқәа.
Sputnik
Надараиа Аҟәа ахақәиҭтәразы: Аԥсны алахьынҵа аныӡбахоз аамҭа акәын

"Аҟәа ахақәиҭтәра иахаану аӡәгьы ихашҭуам урҭ амшқәа, зегьы ибзиан иаҳгәалашәоит усҟантәи аамҭазы иҳамаз ахәыцрақәа Аԥсны алахьынҵа иазкны. Урҭ амшқәа ракәын изыӡбоз ҳԥеиԥш. Уи аамҭазы аԥсуа ар даараӡа еиқәшәаз асахьа аманы, ишақәнаго еиԥш дара-дара аимадара рыманы, иара аибашьара иалаҳаӡааз акомандаҟаҵаҩцәа аԥышәа бзиа рыман иҟалеит. Исгәалашәоит, акомандирцәа еизганы Владислав Арӡынба адҵа анриҭоз, хымш рыла Аҟәа гатәуп ҳәа рылеиҳәеит, мамзар Урыстәылеи Қырҭтәылеи реицәажәарала, ҳлахьынҵа даҽакала иӡбахар алшон. Урыстәылантәи иааны ҳара иҳадгыланы еибашьуан, аха аиҳабыра Қырҭтәыла иадгылан. Гәымсҭа аӡиас аҿы Аԥсны еиҩшазарц рыгәҭакын ҳәа ацәажәарақәагьы ыҟан. Аамҭа маҷны иаанхон, Аҟәа ҳнапахьы иааҳамгар ада ԥсыхәа ыҟамызт", - игәалаиршәоит Надараиа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: