Арадио

Кәарцхьиаԥҳа "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" рзы: акымкәа-ҩбамкәа аԥсуа шәҟәқәа соуит

Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" шымҩаԥысуаз, насгьы еиҳарак аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы иалылкааз.
Sputnik
Кәарцхьиаԥҳа "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" рзы: акымкәа-ҩбамкәа аԥсуа шәҟәқәа соуит

"Ари афестиваль зымҩаԥырго ашәҟәы аԥхьара ауаа рыларҵәара хықәкыс иҟаҵаноуп. Сара исгәаԥхеит араҟа ашәҟәқәа ахьрырҭоз хәыда-ԥсада. Хазы иҟан ашәҟәықәҵарҭа, уадгыланы иугәаԥхо ашәҟәы алухыр ахьалшоз. Саргьы изгеит акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа, урҭ аԥсуа шәҟәқәа роуп. Сгәы иаанагоит аурыс авторцәа рҩымҭақәа роура иаҳа имариоуп, иаауҭаху уашьҭалар, иуԥшаар алшоит. Аԥсуа шәҟәқәа ракәзар, имаҷны иҭрыжьуеит. Сара ашәҟәқәа реизгара бзиа излазбо ала, ас еиԥш алшара ансоу, схы иасырхәеит", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.