Арадио

Ҷолариа "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" азы: аԥхьаҩ дхызхша ҟалоит

Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" шымҩаԥгахо атәы.
Sputnik

Цәыббрамза 25 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа".

Ҷолариа "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" азы: аԥхьаҩ дхызхша ҟалоит

"Бла иабо хы иаԥсоуп ҳәа шырҳәо еиԥш, афестиваль аҭааҩцәа рыблала ирбар иаҳа еиӷьуп. Ара ганрацәала, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла афестиваль аус аулоит. Уи иаҭаауа ак игәамԥхаргьы, даҽакы даднаԥхьалоит. Апроцесс цоит иаанымгылаӡакәа - асааҭ 12 инаркны уаха асааҭ 9-нӡа. Буккросинг аҳасабала ауаа ашәҟәқәа раҳҭоит. Акьыԥхь аҩнаҟынтә иҳауит еиҭа 800 цыра ашәҟә ҿыцқәа. Сасцәаны ҳарзыԥшуп ашәҟәыҩҩцәа, иара убасгьы аҿар еидызкыло ахеилак аҟнытә иқәыԥшу ашәҟәыҩҩцәа, ААУ аԥсуа литература акафедра алитературатә гәыԥ алахәылацәа. Ҳара хыдҵас иҳамоуп ҿыц иалагои зтәы здыруеи реибарбара, реизааигәатәра. Аԥхьаҩ игәаԥхо зегьы ихы алаирхәыр ҟалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷолариа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.