Ԥсоу аҳәаахьчаҩцәа аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит

Урыстәылеи Аԥсныи рҳәааҿы иаанкылоуп 380 сигареҭ ҭоԥ аҵәахҭыԥқәа ирҭаҵаны закәаншьаҭада имҩанызгоз автомашьынақәа ҩба.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иаанкылан автомашьынақәа ҩба. Дара рыла рҽазыршәеит аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада аиагара ҳәа аанацҳауеит Шәача аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Цәыббра 21 рзы Аԥснынтәи аҳәаахь инеиз автобус маҷ Mercedes-Benz Vito аҳазалхыҩцәа иааныркылеит. Агәаҭараан иаарԥшын аҵәахырҭа маӡа.

Ԥсоу аҳәаахьчаҩцәа аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит

Амашьына аҵаҿ, апассаџьырцәа ртәарҭа аҵаҟа 280 ҭоԥ асигареҭ (2800 пачка, 56 000 цыра) рыԥшааит. Даҽа ҩымш рышьҭахь иара абри аҭыԥ аҿы иаанкылан автомашьына Ford Mondeo. Араҟагь ирыдбалан аҭаҭынаалыҵ. Амашьынарныҟәцаҩ уаанӡа ашәҟәы иҭагалатәу тауар сымам ҳәа азгәеиҭахьан.

"Акинологиатә маҵзура аусуцәа алархәны агәаҭара амҩаԥгараан амашьына иадырбалеит амаӡа ҵәахырҭақәа маҷымкәа. Урҭ зегьы аҭаҭынаалыҵ ала иҭәын", - ҳәа еиҭарҳәоит аҳәаахьчаҩцәа.

Атауарқәеи автомашьынақәеи аанкылоуп. Атауар аекспертизахь инашьҭуп.