Арадио

Беиаԥҳа: Аиааира амш аламҭалаз арратә ҳамҭақәа знапаҿы измауцыз ираҳҭеит

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы рлагалазы арратә ҳамҭақәа знапаҿы измауцыз аветеранцәа ранашьара шымҩаԥысыз.
Sputnik
Беиаԥҳа: Аиааира амш аламҭалаз арратә ҳамҭақәа знапаҿы измауцыз ираҳҭеит

"Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аҿы имҩаԥысуан аҳамҭақәа знапаҿы измауц рыҭара. "Агәымшәаразы" амедал ианашьан Даур Барцыц. Иара иԥсҭазаара далҵит нанҳәамза 3, 2017 шықәса рзы, аха иара изкыз аҳамҭа иҩызцәа иааргеит амузеи ахь. Аҳәара ҟарҵеит ишахәҭоу пату ақәҵаны иҭаацәа рнапаҿы ираҳҭарц. Аҳәара наҳагӡеит излаҳалшоз ала. Иара иҭаацәа рзы ари амш агәырӷьареи алахьеиқәҵареи ацын. Иара убас даҽа ааҩык аветеранцәа рнапаҿы ирыҭан "Аиааиразы" амедал. Аршба Наталиа уажәааигәа ҳмузеи аҿы аусура далагеит, уаанӡа иҳаздыруамызт лара лыхәҭаа шалаз Аԥсны аиааира азаагара", - ҳәа азгәалҭеит Беиаԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.