Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ҟалеит

Цәыббра 26 аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 13:59 рзы Сҭампыл 64 километра инацәыхараны змагнитуда 5,7 балл иҟоу адгьылҵысра ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik. Ҭырқәтәыла мраҭашәаратәи ахәҭаҿы змагнитуда 5,7 балл иҟоу адгьылҵысра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Европатәи амшынбжьаратә сеисмологиатә центр (EMSC).

Асеисмологцәа иазгәарҭеит Сҭампыл 64 километра инацәыхараны ақалақь Силиври адгьылҵысра ҟалеит ҳәа. Силиври инаркны адгьылҵысра ахыҵхырҭаҟынӡа 24 километра бжьоуп.

Адгьыл аҵысра ахыҵхырҭа 12 километр адгьыл аҵаҟа иҟан. Аԥсыҭбарақәеи аԥхасҭеи рзы дырра ыҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: