Индонезиа адгьылҵысра ҟалеит

© AFP 2023 / BAY ISMOYOПоследствия цунами в Индонезии
Последствия цунами в Индонезии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Змагнитуда 6,9 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Индонезиа амҽыша, ԥхынгәы 7 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы - 8, Sputnik. Змагнитуда 6,9 балл иҟаз адгьылҵысра аҭыԥ аман Индонезиа, амҽыша, ԥхынгәы 7 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Индонезиа аметеорологиеи, аклиматологиеи агеофизикеи Рмилаҭтә усбарҭа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аԥхьатәи адгьылҵысра азгәаҭан асааҭ 15:00 рзы (18:08 москватәи аамҭала). Асеисмологцәа ишырҳәо ала, адгьылҵысра ахыҵхырҭа 24 километр адгьыл иҵан. Аиланхарҭатә ҭыԥ Тернате 129 километр иацәыхаран.

Аԥсыҭбарақәеи арбгарақәеи ртәы ҳәа дырра ыҟам.

Рашәарамзазы арегион аҿы акыр дгьылҵысра аҭыԥ рыман. 7,3 балл иҟаз адгьылҵысра азгәаҭан Банда амшын аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0