Галтәи арҵаҩцәа фҩык аԥаратә ԥхьахәқәа роуеит

Гал араион аурыс бызшәеи алитературеи рзы арҵаҩцәа фҩык аԥаратә ԥхьахәқәа роуеит ирегионалбжьаратәу икоммерциатәым аиҿкаара "Евразийский народный союз" аҟынтәи.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Гал араион аурыс бызшәеи алитературеи рзы арҵаҩцәа фҩык аԥаратә ԥхьахәқәа роуеит ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха.

Иара иҳәеит анашьаратә церемониа анымҩаԥгахо арыцхә макьаназ ишышьақәыргылам, цәыббра 20 рзы акультура-рҵаратә експедициа аҳәаақәа ирҭагӡаны арҵаҩцәа фҩык 12-12 нызқьмааҭ шранашьаз.

"Гал араион ахь ари раԥхьатәи ныҟәарам. Лаҵарамзазы, ирегионалбжьаратәу икоммерциатәым аиҿкаара "Евразийский народный союз" алахәралеи адгыларалеи араион арҵаҩцәа аԥхьахәқәа ранаҳшьахьан", - иҳәоит Чеха.

Аԥхьахә аиуразы акандидатцәа рсиа шьақәнарӷәӷәеит араион ахадара. Асиа ашьақәыргылараан азхьаԥшра рыҭан арҵаҩы иусура аҳаракыра, истаж, илшамҭақәа.

Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы иазгәеиҭеит Гал араиони дареи аинырра бзиа шрымоу.