"Ҳзырхынҳәуаз аԥсра заҵәык акәын, усҟан ҳаԥсыбаҩқәа дырхынҳәуазар акәхарын, акәымзар, хьаҵшьа ҳамамызт. Владислав Арӡынба зегьы иҳаилиркааит ари аҵыхәтәантәи ажәылара шакәыз, абыржәы Аҟәа анаҳамга, аибашьра ҳшаҵахоз. Аӡы арсра ҳзыцәгьан еснагь, уи аҽны иреиҳау ҳамчқәа зегьы еидкыланы аӡы ҳарсны, ақырҭцәа ҳҿагылаанӡа, аплацдарм ҟаҳҵеит, уи ҳхы иархәаны Аҟәа ҳалалеит. Аха уи аамҭазы ҳамчқәа кәадахахьан, ҳаибашьцәа ҳацәмаҷхахьан, ауаа ҳазхаӡомызт, ҳбатальонқәа бжатан, аха ҳамчқәа зегьы еизыркәкәаны ҳжәылеит. Мрагыларатәи афронти ҳареи ҳанеибаба, ҳанеилала, ҳамчқәа ҩынтә еиҳахеит. Аха ажәылара алагара ҳцәыцәгьан даара", - ҳәа игәалаиршәеит Надараиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Латариа Аҟәа ахақәиҭтәразы: иазхәыцны имҩаԥгаз жәыларан
Кәыҵниа: Аҟәа ахақәиҭтәра ажәабжь еиԥш ахаан акы самеигәырӷьац