Арадио

Саманба Кәыдры ацҳаҿы ҩ-фронтк реиқәшәаразы: даргьы ҵәыуон, ҳаргьы ҳҵәыуон

Гәымсҭатәи афронт аҩбатәи абригада командаҟаҵаҩыс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа Гарри Саманба арадио Sputnik астудиаҟны игәалаиршәеит 26 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы ахҭысқәа рыҿиашьа атәы.
Sputnik
Саманба Кәыдры ацҳаҿы ҩ-фронтк реиқәшәаразы: даргьы ҵәыуон, ҳаргьы ҳҵәыуон

"Баӷмаран уахьыбжьало аҭыԥ аҿ иҳауит аҿагылара. Пицундатәи абаталион аибашьцәа Гена Адамиа ҳәа иҟаз ақырҭуа генерал уа дыршьит. Анаҩс еиҿахысра ҟамлакәа Дранда ҳаиқәшәеит актәи аҩбатәи абригадақәа. Абаталионқәа фба ишахәҭаз еиԥш ақыҭақәа дрыцқьон. Уи аамҭаз иаҳҭаххазҭгьы, ирацәаҩны ақырҭқәа ҭаҳархон. Кәыдры аҩхаала рымаҭәа-рҩыҭәа еидкыла ахәыҷқәа, аҳәса ирыцҳахәха ицон, аха ҳара ҳармеихсит. Имеибашьуаз ирымаҳкыз, иауҳашьҭит. Акрызҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит афронтқәа реиқәшәара. Даргьы ҵәыуон, ҳаргьы ҳҵәыуон. Анаҩс ишахәҭаз еиԥш ҳаиманы Егрыҟа ҳцеит. Усҟан хәыцра ҳәа акгьы ҳамамызт, ҳаиқәшәара убасҟак ҳхәы-ҳжьы еиланаргылеит, убасҟак ҳҵәыуон, убасҟак ҳгәырӷьон, ҩнуҵҟала ҳҭацәын", - ҳәа еиҭеиҳәеит Саманба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.