Арадио

Ақәраа Аиааира амш инамаданы ахысразы аицлабрақәа ирызкны: иблахкыган, изаманан

Ахысразы иаарту аицлабра аиҿкааҩ, аӡбаҩ хада Ерсҭоу Ақәраа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашәарыцаҩцәа рыбжьара Аӡҩыбжьа аицлабра шымҩаԥысыз.
Sputnik

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи аныҳәа аҳаҭыр азы цәыббра 29 рзы Ахысразы иаарту аицлабра мҩаԥысит Аӡҩыбжьа ақыҭан ахысратә комплекс "Ашьха" аҟны.

 

Ақәраа Аиааира амш инамаданы ахысразы аицлабрақәа ирызкны: иблахкыган, изаманан

"Аиҳабацәа рҟынтәи аицлабрақәа рхы рыладырхәит 31-ҩык, ахәыҷқәа рҟынтәи фҩык. Актәи аҭыԥ аиҳабацәа рыбжьара иааникылеит Руслан Ламчаа, ахәыҷқәа рҟны - жәашықәса зхыҵуа Саид Адлеиба. Ашәарыцаҩцәа 12-тәи акалибр иҟоу рхатә шәақьқәа рыла ихысуан, аицлабра даара иӷәӷәан, афинал аҟны 7-ҩык цәырҵит, урҭ рахьынтә иреиӷьу ҳәа хҩык алаҳкааит. Актәи аҭыԥ игеит Руслан Ламчаа, аҩбатәи - Амиран Камлиа, ахԥатәи - Адгәыр Мышәба. Досу зегьы хаҭа-хаҭала еицлабуан, жәохәынтә ихысуан гәыԥцыԥхьаӡа. Иреиӷьқәаз хынтә-хынтә ииасит агәыԥқәа рахьынтә, жәохә хы рҟынтәи иреиӷьқәаз 12-13 хы ацәҟьара иақәдыршәеит", - иҳәеит Ақәраа.

 

Иара иазгәеиҭеит ари аицлабраҟны изықәныҟәоз аԥҟарақәа жәларбжьаратәи аспорттә хысразы аиндаҭларақәа рҟны рхы иадырхәо раасҭа иаҳа ирманшәалан ҳәа.

Аӡҩыбжьа иаарту аицлабра еиҿнакааит Ахысразы Аԥсны афедерациа, Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак адгыларала.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.