Корсаиаԥҳа Минадора Зыхәԥҳа лзы: асценазы дшан
© Sputnik
"Лара ԥсабарала дактрисан, лара дмыхәмарыр ада ԥсыхәа ыҟамызт. Ауаҩы иарбан занааҭзаалакгьы иҵар илшоит, иахьатәи атехникатә лшарақәа ирыбзоурны иалыршоуп актиор ихәмарра ԥсыҽзаргьы, уи аҭыгара. Аха наунагӡа ауаҩы игәаҿы иаанхо ароль назыгӡо, ԥсабарала абаҩхатәра дуӡӡа, абаҩхатәра иаша злоу ауаа роуп. Ус еиԥш дыҟан лара. Уи асцена дықәымлар ҟалаӡомызт, лара асценазы дшан. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, иагьа иуадаҩзаргьы, асценахь дцәырҵуан. Сара исгәалашәоит, амассовкаҟынгьы лхы иаҭәашьаны, деигәырӷьаны данцәырҵуаз Минадора Иуана-ԥҳа дуӡӡа", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.