Урыстәыла Аҵәахырҭатә банк алшара ҿыцқәа аиуит

Ахәшәаратә системақәа рыхсаала Visa, Mastercard аԥараиагараз 1% рызныжьхоит ииарго авалиута иахьмырԥшыкәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Урыстәыла Аҵәахырҭатә банк амобилтә цҵа "Сбербанк Онлайн" ахархәаҩцәа алшара рынаҭоит ахәшәаратә системақәа рыхсаалақәа Visa, Mastercard рышҟа аԥара аиагаразы, абри атәы аанацҳауеит абанк апресс-маҵзура.

Ахархәаҩ аԥара изиагаразы амобилтә цҵа "Сбербанк Онлайн" аҟны ашәаратә опциа "За рубеж" — "По номеру карты" аҟны аԥара ззиарго ихсаалага аномер арбаны, ииарго аԥареи авалиутеи, иззиарго ихьӡ, ижәла, иабхьӡ азгәаҭатәуп.

"Аԥара аиагара минуҭқәак роуп иаҭаху. Иҟалалоит аамҭа еиҳа ианаҭаххо, аха уи х-усутә мшы иеиҳахом", - аҳәоит адырраҭараҿ.

Аԥара аиагара ауеит Visa, Mastercard рыла ЕАА, Таивань, Куба, Иран, Аҩадатәи Кореиа, Сомали, Судан, Шьамтәыла, Иапониа атәылақәа рыда егьырҭ атәылақәа зегьы рахь.

Аԥара аигара алшоит амааҭ, евро, адоллар рыла. Убри аан зныктәи аиагара 150 000 мааҭ ма аҽа валиутак ала абри аеквивалент еиҳамкәа иҟазароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: