Венесуела Visa, Mastercard, Maestro мап рыцәнакуеит

© РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВенесуела Visa, Mastercard, Maestro мап рыцәнакуеит
Венесуела Visa, Mastercard, Maestro мап рыцәнакуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуела афинанстә усҳәарҭақәа ихьыԥшым ашәаратә системақәа аԥнаҵараны иҟоуп америкатәи асанкциақәа ирызхьаԥшны.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Венесуела аӡбра аднакылеит ахатәы шәаратә система аԥнаҵарц, убри аан Visa, Mastercard, Maestro мап рыцәнакуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости апортал Banca y Negocios адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Убри аан иазгәаҭоуп арҭ ахсаалақәа рыла аоперациақәа 2019 шықәса абҵара 30 инаркны ишаанкылахо.

Атәыла абанк хада афинанстә усҳәарҭақәа рнапы ианнаҵеит ихьыԥшым ашәаратә система аԥҵара напаларкырц.

Уаанӡа, Венесуела ахада Николас Мадуро аҳәамҭа ҟаиҵахьан атәыла адоллар мап ацәнакраны иҟоуп ҳәа.

Венесуела иаҿагыло ЕАА асанкциақәа аус руеит 2015 шықәса хәажәкырамза аахыс, ЕАА ахада Барак Обама Венесуелантәи америкатәи адипломатцәа ралцара аҭакс иалегалазар аахыс. Уи аахыс асанкциақәа изныкымкәа идырҭбаахьан. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ЕАА арҭ асанкциақәа еиҳагьы иарӷәӷәеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0