Арадио

Ԥлиаԥҳа еиҭалҳәеит Урыстәыла аганахьала асанкциақәа аполитика анырра ахьынӡанаҭо

Шьамтәыла аганахьалатәи асанкциақәа еиларгеит ҳәа мзызс иҟаҵаны Еиду Америкатәи Аштатқәа афинансқәа рминистрра аԥкырақәа аланагалеит Урыстәыла аилахәырақәеи, атәылауааи рганахь ала, ари ахҭыс ахҳәаа рзыҟалҵеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа.
Sputnik
Ԥлиаԥҳа еиҭалҳәеит Урыстәыла аганахьала асанкциақәа аполитика анырра ахьынӡанаҭо

Шьамтәыла аганахьалатәи асанкциақәа еиларгеит ҳәа мзызс иҟаҵаны ЕАА Афинансқәа рминистрра аԥкырақәа аланагалеит Урыстәылатәи еилахәыраки, хҩык атәылауааи, аӷбақәеи рганахь ала.

"2012 шықәса раахыс аурысцәа рганахьала асанкциақәа иаҳа-иаҳа ирыцлоит, избан акәзар, ршьапы иқәгылацԥхьаӡа, рекономика ашьҭыхра иалагацыԥхьаӡа Америкеи Европатәи аидгыла аҳәынҭқаррақәеи рлахаҵ аргежьуан азы. Асанкциақәа раӷьырак, иахьа уажәраанӡагьы иаауа- 2014 шықәсазы Ҟрым Урыстәыла ианадла нахыс иаларгалаз роуп", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Аполитолог: Ҟрым Урыстәыла иахәҭакуп ҳәа изыԥхьаӡо ауаа рхыԥхьааӡара иацлоит

Аполитолог иазгәалҭеит асанкциақәа Урыстәыла азы феида аланы ишыҟалаз ақыҭанхамҩа аусхк аҟны, аха убри аан еиҵанархоит абанктә система.

"Уажәы ҿырԥас иҟарҵеит Шьамтәыла, аурысцәа ӷбала уи атәылахь абылтәы ргоит, уи абылтәы аҳәынҭқарра ахада Асад ицхраауа аурыс ҳаирпланқәа рзы ауп ҳәа. Акгьы ус ирымам, араҟа ихадароу аурыс иршьамхнышгалароуп. Хымԥада, ари адәныҟатәи аполитикагьы иаԥырхагоу усуп", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи рыцхрааразы иагаз ахыдҵақәа ҳаамҭазы ишынанагӡац инанагӡоит, аҩныҵҟатәи аекономикаҟны асанкциақәа ирыхҟьаны аиҵахарақәа ыҟазаргьы, ҳәа азгәалҭеит аполитолог.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: