Евроеидгыла Урыстәыла иазыҟаҵоу асанкциақәа рыҿҳәара иацырҵеит

© AFP 2023 / ODD ANDERSENЕвроеидгыла
Евроеидгыла  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа аканцлер Ангела Меркель уаанӡа аҳәамҭа ҟалҵахьан Урыстәыла иазыҟаҵоу асанкциақәа Ҟрым Украина иазыхынҳәаанӡа ишыҟоу иаанхоит ҳәа.

АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Евроеидгыла Урыстәыла асанкциақәа адҟаҵалара рыҿҳәара иацырҵеит рашәара 23 2020 шықәсанӡа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Евроеидгыла Урыстәыла асанкциақәа адҟаҵалара рыҿҳәара иацырҵеит рашәара 23, 2020 шықәсанӡа Ҟрыми Севастополи раннексиазы. Асанкциақәа ирыҵаркуеит ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьа уадаҩхеит Украинеи Ҟрыми рҭагылазаашьақәа инарыдҳәаланы. Мраҭашәара Москва ахара адҵаны асанкциақәа аднагалеит. Уи аҭакс Урыстәыла аимпорт аԥсахра аполитика хацнаркит.

Ҟрым Урыстәыла иадлеит 2014 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥгаз ареферендум ашьҭахь. Ареферендум аҿы 96,77% Ҟрым ауааԥсыреи 95,6% Севастополь ауааԥсыреи Урыстәыла адларазы рыбжьы рҭиит. Ареферендум мҩаԥган Украина амчра анеиҭакха ашьҭахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0