Ԥсоу аҭаҭынаалыҵ ашәҟәы иҭагаламкәа ишахыргоз иныркылеит

Аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь рыҩныҵҟала ааҭынаалыҵ аҳәаа ахыгара еиҳа иазгәаҭо зинеилагароуп. Ашықәс иаалагазар 300 рҟынӡа усҭҵаара мҩаԥгоуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Шәача аҳазалхырҭа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иныркылеит ашәҟәы иҭагаламыз аҭаҭынаалыҵ зҭаз Аԥснынтәи аҳәаахь инеиз амашьына.

Иааныркылаз амашьына "FORD FOCUS" аԥсҟы зкыз аҳәаа ахысраан ашәҟәы иҭагалатәны иҟоу атауар сымам ҳәа иҳәеит, аха атранспорттә хархәага амобил-инспекциа гәаҭагатә комплекс ала агәаҭараан иааԥшит изакәанымкәа атауар шахигоз. Аҳазалхыҩцәа ирыԥшааит аҭыԥ маӡақәа, аҭаҭын аалыҵ ала иҭәны иҟаз. Иааидкыланы аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи ирыԥшааит 55 блок аҭаҭынаалыҵ (557 ҭоԥ, 11140 цыра).

Аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь рыҩныҵҟала аҭаҭынаалыҵ аҳәаа ахыгара еиҳа иазгәаҭо зинеилагароуп. Ашықәс иаалагазар 300 рҟынӡа усҭҵаара мҩаԥгоуп, 5000 блок асигарет аанкылоуп.

Атауари автомашьынеи аанкылоуп, административтә еилагара ҳәа аус хацыркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: