"Лыхны аныҳәа аиҿкаара ҳаҿуп, сынтәа жьҭаара 12 рзы имҩаԥаагоит. Уи иалахәхоит 20 қыҭа, иара убас ақалақьқәа Гәдоуҭеи Афон Ҿыци. Апрограмма шьақәҳаргылахьеит, амшгьы бзиахап ҳәа сгәы иаанагоит. Ааԥхьара ҟасҵоит зегь рахь рхы аладырхәырц.
Ақыҭақәа иаадрыхыз, иара убас ажәытә-аҿатә напҟазара иадҳәаланы ирымоу амаҭәарқәа ӡырыргоит.
Иалхны иҳамоуп акомиссиа иаҳа еӷьны зхы аазырԥшуа ралхразы. Убас, ҵыԥхтәи ашықәс азы аԥхьагылара ааныркылеит Анхәа, Жәандәрыԥшь ақыҭақәа ирылахәу, убасгьы Мгәыӡырхәаа, Дәрыԥшьаа. Сынтәагьы еиӷьны зхы аазырԥшуа ҳәа акомиссиа алахәцәа иалыркаауеит, агәаларшәагатә ҳамҭақәа раҳҭоит", -иҳәеит Кәарцхьиа.
"Ҽаҩраҭагалара аныҳәа традициала есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥыргоит. Ақыҭауаа ицәырыргоит аҿамаҿа иҭаргало ахкқәа зегьы, амилаҭтә чысқәа ҟаҵаны асасцәа ааԥхьара рырҭоит, имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа рықәгыларақәа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.