Sputnik аҟны Аԥсныи Урыстәылеи рҿар рыпроект иалацәажәеит

Краснодар атәылаҿацә-уаажәларратә ҿартә еиҿкаара "Аҿартә аԥшьгамҭақәа рмаҵзура" Аԥсны иааны иҟоуп жьҭаара 2-5 рзы апроект "Агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьа аҿиара аҵакыра" анагӡаразы.
Sputnik

Жьҭаара 3 асааҭ 9:30 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит апресс-конференциа "Аԥсныи Урыстәылеи рҿар: Агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьа аҿиара".

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха иазгәеиҭеит Краснодартәи атәылаҿацә егьырҭ Урыстәыла арегионқәа ираԥнагоит Аԥсны анырраҿы ҳәа.

Галтәи арҵаҩцәа фҩык аԥаратә ԥхьахәқәа роуеит

"Даара исҭахуп Аԥсны арегионалтә органқәеи амуниципалтә еиҿкаарақәеи апроектқәа аздырхиарц Урыстәыла арегионқәа аус рыцуразы. Ҳара ҳганахь ала ацхыраара еснагь ҳазыхиоуп", - иҳәеит иара.

Краснодар атәылаҿацәтә уаажәларратә ҿартә еиҿкаара "Аҿартә аԥшьгамҭақәа рмаҵзура" ахантәаҩы Александр Пилипенко иҳәеит Аԥсныи Краснодартәи атәылаҿацәи ргеографиатә еизааигәара азгәаҭаны реиныррагьы еизааигәазароуп ҳәа.

"Ҳаиҿкаара Аԥсны аус ауеижьҭеи хышықәса ирықәуп. Уи адагьы сара наԥшҩык иҳасаб ала атәыла ахада иалхрақәа срылахәын. Абри ахышықәса аус ҳацнауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Арҭ аамҭақәа ирылагӡаны аинырра бзиа ҳамоуп Аҵара аминистрреи ареспублика аҵаратә усҳәарҭақәеи ҳареи", - еиҭеиҳәеит иара.

Сынтәа апроект апрограмма аԥсихологиа, аполитологиа, ауаа рҿаԥхьа ақәгыларақәа русхк аҟны аҟазауаа рыла ирӷәӷәоуп.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп ҳаинырра аҿиара аиура. Ииасыз ашықәс азы ҳаиҿкаара атәыла ахада игрантқәа рҳәаа иҭагӡаны апроект ахьчеит, уи инақәыршәаны Аԥснытәи аделегациа ҳадаҳкылеит. Ауснагӡатә аамҭаан иит аидеиа ҿыц - Урыстәыла-Аԥснытәи жәларбжьаратәи аҿар реиҿкаара аԥҵара. Уажәы ҳара иалаҳкаауеит аԥсуа ҿар, ззы апроект аинтерес аҵаны иҟоу", - азгәеиҭеит Пилипенко.

Апроект "Агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьа аҿиара аҵакыра" апрограмма Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иацҵахоит. Апроект алахәыла, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа адоктор, апрофессор Тангир Кизларгуль аурыс бызшәазы алекциақәа дрыԥхьараны дыҟоуп.

Аҟәа 60-ҩык рҟынӡа аурыс бызшәа акурсқәа рахь рҽанырҵеит

"Сара салацәажәоит аурыс бызшәа иахьа иамоу аиҭакрақәа ртәы, атәымбызшәаәт лексика аурыс бызшәа алалара атәы. Салацәажәоит агәаанагара аҳәашьа, ауаа рацәа раԥхьа ацәажәашьа", - лҳәеит лара.

Лара убасгьы азхьаԥшра алҭоит милаҭбжьаратә еилибакаарак аҳасаб ала аурыс бызшәа ароль.

Асоциологиатә наукақәа ркандидат, Москватәи аҳәынҭқарратә университет асоциологиеи аполитика аԥсихологиеи ркафедра адоцент Иван Палитаи иазгәеиҭеит аҿар уаҵәтәи амш ԥеиԥшны иазыҟоу шракәу.

"Иҟалоит иахьатәи аҿар рҟынтәи 15-20 шықәса рышьҭахь атәыла ианапхгаҩцәахо, аиҳабыра ирхадахо. Урҭ рҵарадырра зыбӷа иқәу ҳара ҳауп", - иҳәеит иара.

Краснодар атәылаҿацәтә уаажәларратә ҿартә еиҿкаара "Аҿартә аԥшьгамҭақәа рмаҵзура" ахантәаҩы Александр Пилипенко иҳәеит аиҿкаара аусура анаркоманиеи арыжәтәыжәреи ирыдҳәало апроблемақәа рыӡбра ишадҳәало.

Россотрудничество аурыс бызшәа акурсқәа Аԥсны ирыцнаҵоит

Ҿырԥштәны иааигеит апроект "Арыжәтә зымжәуа Урыстәыла", иҳәеит абри аҩыза апроект Аԥсынгьы аусура иаларгазар шауа.

Аԥсныи Урыстәылеи рҿар рҽеидыркылароуп рҿаԥхьа игыло апроблемақәа рыӡбразы.

"Россотрудничество" ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха иазгәеиҭеит аҿар адгылара рыҭара зегь еицырзеиԥшу усуп ҳәа.

Александр Пилипенко амаҵзура Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганбеи аиҿкаара апресс-маӡаныҟәгаҩ Илона Авиловеи аҳаҭыртә шәҟәқәа рнапы иаиркит апроект "Агәылеимабзиаратә еизыҟазаашьа аҿиара аҵакыра" аинформациатә мҩаԥгара ахьеиҿыркааз азы.