Адлеиба ихьӡ зху амҩаҿы аӡымҩангага аремонт иаарласны ихыркәшахоит

Аҟәа ақалақь Алашарбага араион, Адлеиба ихьӡ зху амҩаҿы инхо ауааԥсыра аҳҭнықалақь ахадарахь аҳәара ҟарҵеит аӡымҩангага аремонт азухарц.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 4- Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь Алашарбага араион, Адлеиба ихьӡ зху амҩаҿы шәметрак инаӡо аӡымҩангага аԥсахра напаланакит АУН "Аремонт-ргыларатә усбарҭа".

Адлеиба имҩаҿы аӡымҩангагақәа рыԥсахуеит

Иԥсахтәны иҟан 100 миллиметрак зыҭбаара ыҟоу аӡымҩангагатә цәаҳәа. Уажәы аусурақәа ахыркәшарахь инеиит.

"Аҟәа ақалақь Алашарбага араион, Адлеиба ихьӡ зху амҩаҿы инхо ауааԥсыра аҳҭнықалақь ахадарахь аҳәара ҟарҵеит аӡымҩангага аремонт азухарц. Аӡымҩангага акырџьара аӡы ацәцон. Ақалақь ахадара анапынҵала ҳара аремонттә усурақәа хацҳаркит Аусурақәа иахьа ҳрылгар ҟалоит. Иаҳзалмыршар, уаҵәы аусурахь ҳҭыҵуеит", - иҳәеит иҳәоит РСУ адиректор Даур Пачкориа.

Ақалақь ахадара аӡымҩангагатә цәаҳәа зегьы арҽеира мҩаԥгазарц анапынҵақәа ҟарҵеит.