Урыстәылатәи аруаа Аԥсны изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа аинформациа аимдаразы анормативқәа нарыгӡеит, арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа агәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит,ашьхараҟны ацифратә еимадарақәа шьақәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа Аԥсны изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

"Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база иаалырҟьаны иргылан. Агәаҭарақәа мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара азыҟаҵара аҭагылазаашьа, иаарласӡаны рнап ианҵоу адҵақәа рынагӡашьа", ҳәа арбан уаанӡатәи апресс-реализ аҟны.

Аполигон Ҵабал аҿы аруаа рхы иадырхәеит аимадара амобилтә комплекс "Редут", адәынтәи еиҭаҵуа аимадара анапхгараҭаратә ҭыԥгьы шьақәдыргылеит.

Артиллеристцәа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" дыршьаҟьеит

Апресс-маҵзура аинформациала ауснагӡатә иалахәын 500 инареиҳаны амотохысыҩцәа, 100 инареиҳаны атехника ҷыда: абронетранспортиорқәа БТР-82А, акәылӡтәы машьынақәа "КамазМустанг".

"Ахысратә полигон аҟны ахархәара рыман агранатаршәгақәа РПГ-7, автомат АК-74, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", аршьаҟатә пулемиотқәа "Печенег", артиллериатә гаубицақәа Д-30, Калашников иавтоматқәеи ипулемиотқәеи. Зынӡа ахархәара рызун 45 нызқь џьаԥҳаны, агранатақәагьы абрахь иаалаҵаны, иара убасгьы егьырҭ абџьар хыкқәа" ҳәа аҳәоит адырраҟны.

Ар реиҭаҵраан ақыҭақәеи ашьхареи рҟны рдыррақәа аадырԥшуан. Автомабилтә колоннақәа рмашьынарныҟәцаҩцәа ашьха ӡиасқәеи аҭҳәаақәеи ирхысуан, ҷыдала ирыҭаз аԥынгылақәа ирҿысуан. Акәылӡылас атехникеи "аӷа" ирмчқәеи иреихсуан.

Апресс-маҵзура аинформациала ауснагӡатә иалахәын 500 инареиҳаны амотохысыҩцәа, 100 инареиҳаны атехника ҷыда: абронетранспортиорқәа БТР-82А, акәылӡтәы машьынақәа"Тигр", "КамазМустанг".