Жорданиа Островски ипиесала ақәыргыламҭа азы: ҳҟазара аҩаӡара шьҭнахуеит
© Sputnik
Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы Островски ипиеса "На всякого мудреца довольно простоты" ала ақәыргыламҭа аԥхьарбара мҩаԥысит. Уи ықәиргылеит ГИТИС аушьҭымҭа Алексеи Размахов.
"РУСДРАМ ақәыргыларақәа зегьы иҳалшо аарԥшра, ҳҟазара аҩаӡара ашьҭыхра иазкуп. Ус еиԥш иуадаҩу аматериал иаҳа-иаҳа иҳадаҳгалоит. Ауаа ргәы ҟазҵо, иӡааӡо, ирыхәо акакәны иҟалар ҳҭахуп", - иҳәеит Жорданиа.
Островски ипиесала ақәыргыламҭа збар зҭаху ус еиԥш алшара роуеит жьҭаара 4, 12 рзы.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иаҳа инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит:
- Џьамбул Жорданиа и-Шьапхырҟьаҟьараа: "милаҭла" иаԥсыуоу акьанџьатә театр шҭырхуа
Арежиссиор амультфильмқәа аԥсшәахь реиҭагара иазкны: гәыкала саҿуп