Ԥсоу даанкылоуп Киргизиатәи аконтрабандист

Урыстәылеи Аԥсныи рҳәаа ахыҵра зҽазызшәоз ахаҿы итәыла, Киргизиа, ашьаус даҵаркуп. Иаанкылоу ахаҿы киргизиатәи рколлегацәа рыҭаразы шәачатәи аполициа рахь днагоуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Аԥсныи Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿ даанкылоуп адунеижәларбжьаратә ԥшаара иаҵанакуа Киргизиа атәылауаҩ. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Ԥсоу аҳәаахьчаҩцәа аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит

"Киргизиатәи Ареспублика атәылауаҩ даанкылан ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы итәылауаҩшәҟә агәаҭараан", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Агәаҭараан ишьақәыргылахеит ахаҵа мызкы аахыс адунеижәларбжьаратә шьҭазаара шимоу итәылаҿы иҟаиҵаз ацәгьоуразы. Киргизиа иара иганахь ала ашьаус хацыркуп азакәан ахәҭаҷ "контрабанда" ала.

"Ашьаусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы иара илшеит азинхьчаратә усбарҭақәа рцәыбналара. Уажәы, даанкылоуп ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы итәылауаҩшәҟә агәаҭараан", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иаанкылоу ахаҿы киргизиатәи рколлегацәа рыҭаразы шәачатәи аполициа рахь днагоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: