Арадио

Сангәлиаԥҳа аҭаацәара аԥҵара иазкны: аӡбара иалагароуп аҳәынҭқарраҟны

Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ, аетнолог Елисо Сангәлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҭаацәара аԥҵара аганахьала ақыҭақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Сангәлиаԥҳа аҭаацәара аԥҵара иазкны: аӡбара иалагароуп аҳәынҭқарраҟны

"Аҭҵаарақәа мҩаԥаагон ҳара ақыҭақәа рҟны. Ус еиԥш аекспедициақәа рахь ҳанцо ақыҭа ахада иацәажәараан аԥхьа иргыланы еилаҳкаауеит аҭаацәара аԥҵара аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳәа. Аҭаацәара иалалар зыхәҭоу, уажәшьҭа иахыԥома ҳәа ззуҳәо 30 шықәса ирҭысхьоу шаҟаҩы ыҟоу еилаҳкаауеит. Ҳахәаԥшуеит 25 инаркны 60 рҟынӡа зхыҵуа шаҟаҩы ыҟоу аҭаацәара иаламлац. Ҳаблак аҟны 30-40 ирҭысхьоу рацәаҩуп даара. Ақыҭаҟны иаҳа иубоит аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ақалақь аҟны акәзар, иахьа ҳдемографиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ҭҵааны иҳамаӡам.
Ахыԥхьаӡарақәа рыла иаазгоит ҿырԥштәқәак. Аҭаацәара иаламло рхыԥхьаӡара иазҳауеит. 2002 шықәсазы Калдахәара 93–ҩык ҭаацәараӡамызт, 2006 шықәсазы 121-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Ҵыԥх аекспедициа ҳцеит Аҷандареи Абгархықәи ақыҭақәа рахь. Аҭагылазаашьа абас иҟоуп: 350 ҭӡы ахьынхо Аҷандара 220-ҩык ҭаацәараӡам, Абгархықә акәзар 100-ҩык иреиҳаны иҭаацәараӡам. Ҳдемографиа азы ари рыцҳара дууп, лассы иӡбатәны иқәгылоу зҵаароуп, ахәынҭқарра анапхгара рҟынӡа инаганы иӡбатәу зҵаараны иҟамлар ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Ари ҳҭагылазаашьа алацәажәара акәымкәа аӡбарахь ииагатәуп", - лҳәеит Сангәлиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир ала адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.