Арадио

Ҭарба еиҭеиҳәеит Мықәашҭа аныҳәа шеиҿкаахо

Мықә ақыҭа ахада Гәырам Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Мықәашҭа аныҳәа шымҩаԥгахо рқыҭаҟны.
Sputnik
Ҭарба еиҭеиҳәеит Мықәашҭа аныҳәа шеиҿкаахо

"Жьҭаара 6 рзы абжьыуаа ргәеисра аҭыԥ, рразҟы ахьырӡбоз Мықәашҭаҿы имҩаԥаагоит аныҳәа, аҽырыҩрақәа. Еиуеиԥшым ахәмаррақәа мҩаԥысуеит. Араион аҟны иҟоу ақыҭақәа урҭ рхы рыладырхәуеит. Ахәылбыҽха асааҭ 16 рҟынӡа иазгәаҭоуп аныҳәатә программа. Очамчыра араион қыҭацыԥхьаӡа рчеиџьыка цәырыргоит", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Ҭарба.

Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳарц, шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны.