Арадио

Аҭоурых иагәылаҵәаху: Инџьгьиа Омар Беигәаа иҭҵаарадырра иазкны

Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҟны шәара еилышәкаар ауеит ҳмузеиқәа рҟны иӡыргоу аекспонатқәа, амаҭәарқәа иеиҭарҳәо аҭоурых атәы.
Sputnik
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Инџьгьиа Омар Беигәаа иҭҵаарадырра иазкны

Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи ҳьынџьуаа рҭоурых амузеи аиҳабы Џьамбул Инџьгьиа еиҭеиҳәеит еицырдыруа ҳџьынџьуаҩ, аҵарауаҩ ду Омар Беигәаа аԥсуаҭҵаара дшагәыланахалаз атәы.

"….Омар Беигәаа азнеишьа ҷыда иман. Уи иҳәон зегь раасҭа ижәытәу ахыҵхырҭа абызшәоуп, анаҩс иацааиуа археологиоуп, анаҩс амифологиа иара убас аетнологиа, арҭқәа зегьы еиҿыбааны ианҭыуҵаауа ауп аҭоурых ангәылшәо ҳәа азгәеиҭон. Иара иҭҵаарадырра зегьы абри аиҿырԥшра ҟаҵаны ауп ишышьақәиргыло", - иҳәеит Инџьгьиа.

Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ес-мҽыша.