Арадио

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Елисо Сангәлиаԥҳаи Саида Жьиԥҳаи аҭаацәара аԥҵара иазкны

Аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирызку иактуалтәу атемақәа ҳрылацәажәауеит, аимак-аиҿак зхылҿиауа азҵаарақәа шьҭаҳхуеит. "Коӷониаԥҳа лымҩаду"илыцануп ҳаԥсҭазаараҿы иҟалало ахҭысқәа рзы еиуеиԥшым агәаанагарақәа змоу ауаа.
Sputnik
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Елисо Сангәлиаԥҳаи Саида Жьиԥҳаи аҭаацәара аԥҵара иазкны

Ақыҭақәа рҟны ахацәа рымала изеизынхои, избан аҭыԥҳацәа ақалақьқәа рахь акәымзар хаҵацара зраҭәрымшьо? Ари азҵаара ӡбашьак амоума? Уи аҭак аҟаҵара рҽазыршәоит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны. Ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа сасцәаны илҭоуп аетнолог Елисо Сангәлиаԥҳаи ажурналист Саида Жьиԥҳаи.