Амедициназы Нобель иаԥхьахә зауз рыхьӡқәа рыларҳәеит

2019 шықәса рзы амедициназы Нобель иаԥхьахә ранашьоуп Уилиам Келини, Петер Ратклиффи, Грегг Семенци.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 7 – Sputnik. Стокгольм ирыларҳәеит афизиологиеи амедицинеи рзы Нобель иаԥхьахә ранаршьеит ҳәа аҵарауаа Уилиам Келини, Петер Ратклиффи, Грегг Семенци. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥхьахә занашьоу аԥхьахәрыҭара ацеремониа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10 рзы, Нобель иаԥхьахә ашьаҭаркҩы – швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833–1896) иԥсҭазаара даналҵыз амш аҽны. Аҭынчраз аԥхьахәгьы иара ашьаҭаркҩы иҳәахьала ԥхынҷкәын 10 рзы ирыҭахоит.

2019 шықәса рзы аԥхьахә 9 миллион швециатә крон (950 000 доллар) артәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: