Аҭынчраз Нобель ипремиа зауз рылаҳәоуп

© AFP 2023 / Britta Pedersen / dpaАктивисты ICAN в Берлине
Активисты ICAN в Берлине - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса рзы аҭынчразы Нобель ипремиа ианашьан Колумбиа апрезидент Хаун Мануель Сантос, атәылаҟны 50 шықәса инарзынаԥшуа ицоз аграждантә еибашьра аанкыларазы иҟаиҵаз аҽазышәарақәа рзы.

АҞӘА, жьҭаара 6– Sputnik. Ахәаша, жьҭаара 6 рзы еилкаахеит аҭынчраз Нобель ипремиа заҭәашьахаз. Апремиа анашьоуп аиадертә бџьар ақәгараз Жәларбжьаратәи аилахәыра (ICAN). Абри атәы аанацҳаит Sputnik Беларусь.

Нобель ипремиа аҭараз акомиссиаҿ ишырҳәаз ала ииасыз ашықәс азы ICAN акыр аҽазышәарақәа аанарԥшит аиадертә бџьар ахархәара иаҿагыланы ақәԥараҿ. Акыр тәыла аиадертә ԥышәарақәа ааныркылеит аилахәыра иҟанаҵаз аныррала.

Нобелевская медаль - Sputnik Аҧсны
Нобель ипремиа ианашьахеит Кадзуо Исигуро

Аилахәыра ахаҭарнак иқәгылараҿы иазгәеиҭеит атәылақәа зегьы аиадертә бџьар ахамырхәара амҩа иқәларц. Убри аан иазгәаҭан иахьатәи аамҭазы Аҩадатәи Кореиа ишьақәгыланы иҟоу аҭагылазаашьа, имҩаԥнаго аиадертә ԥышәарақәа аанкылазарц ааԥхьара ҟаҵан.

Аҭынчреиҿкаараз Нобель ипремиа ранаршьоит аполитикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аиҿкаарақәа, иҟалоит жәларбжьаратәи аидгылақәа иранаршьаргьы.

Нобель ипремиа ашаразы акомиссиа алауреат далнакаауан аноминантцәа 300-ҩык инареиҳаны рыгәҭантә.

Аекспертцәа ишырҳәоз ала сынтәатәи апремиа роур алшон: ЕАШ (США) уаанӡатәи аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Џьон Керри, Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мохаммед Џьавад Зариф, адәныҟатәи аусқәа рганахь ала Еврохеилак ахаҭарнак Федерике Могерини, Германиа аканцлер Ангела Меркель, Римтәи Папа, жәларбжьаратә еиҿкаарақәак, иара убасгьы 2016 шықәса рзы атеррористцәа иршьыз Андреи Карлов.

Ажәабжьқәа зегьы
0