1992 шықәса жьҭаара 7, 8 рзы Лыхны имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи аизара.
Дамениа: аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи аизара ахықәкы нанагӡеит
© Sputnik
"Усҟан аамҭа даара иӷәӷәан, аибашьра цон, ҳажәлар арратә, аибашьратә ԥҟарақәа рыла рыԥсҭазаара еиҿкаатәын. Иааны еибашьуаз ауаа ирҭахын ацхыраара: бџьарла, фатәыла, жәтәыла, маҭәала. Уи ҳара Аԥсны инхоз ҳамацара иҳалшомызт. Ҳәарада, иҟан ацхыраара ҳазҭашаз аԥсуаа, абазақәа, адыгақәа. Аиҿкааратә зҵаарақәа рыӡбара иазкын усҟан раԥхьа имҩаԥгаз Адунеизегьтәи аԥсуа–абаза жәлар рконгресс. Иааизакны ицоз аусқәа зегьы ажәлар инарҵауланы иалархәтәын, уи алыршахеит", - иҳәеит Дамениа.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.