АҞӘА, жьҭаара 8– Sputnik. Акультура-спорттә фестиваль "Абаза" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥгахоит жьҭаара 16 -18 рзы ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа.
Афестиваль "Абаза" аԥшьгаҩыс иҟоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.
"Аԥсны абри еиԥш акультуратә-спорттә фестиваль амҩаԥгара ргәазырԥхаз уи ауп ИАЕ "Алашара" қәҿиарала Ҟарачы-Черқьестәыла имҩаԥнаго аусура аԥышәа: абар уажәшьҭа фышықәса инарзынаԥшуа ассоциациа абри аҩыза афестиваль Черқьесск имҩаԥнагоит, уи алаҵәара ду амоуп аԥсуа-абаза диаспора рыбжьара. Убас еиԥш ахшыҩҵак ҳзааит – Мусса Егзакь зхыҵхырҭаҿы дгылоу хәы змаӡам абри аус ду алҵшәақәа аԥсуаа идырбатәуп ҳәа. Уи аус – ҽадцаларала, уацәхьамҵӡакәа абаза культура аиҭарҿиароуп", – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, акультуратә-спорттә усмҩаԥгатә хықәкы хадақәас ишамоу – агәаҳәара змоу зегьы Абазашҭа аҭоурых дырдырра, уи амилаҭтә традициақәеи, иахьатәи акультуратә, арҿиаратәԥсҭазаашьеи зеиԥшроу дырбара, абаза ҿарацәа рабиԥара рмилаҭтә хдырра ӷәӷәаӡа ашьақәгылараҿы ацхыраара рыҭара.
Акультуратә-спорттә фестиваль "Абаза" аатуеит Гәдоуҭа, жьҭаара 16 рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы Зхы иақәиҭу аиқәԥаразы атурнир ала. Атурнир ҩымш имҩаԥыслоит. Афестиваль иаҭаараны иҟоуп аспортсменцәа Адыгатәылантә, Ҟарачы-Черқьесиантә, Ҟабарда-Балкариантә, Нхыҵ Уаԥстәылантә, Ингәыштәылантә, Чечентәылантә, Даӷьсҭанынтә, иара убас ақалақьқәа Калинингради Шәачеи рҟынтә.
Афестиваль акультуратә хәҭа иҭагӡаны имҩаԥгахоит аконцерттә программа, Аԥсныи Ҟарачы-Черқьесиеи рколлективқәа злахәу.
"Ҳара даара иаҳҭахуп, ҳажәлар раӡәкра аҿар гәыла-ԥсыла ирнырырц, акыраамҭа злакҭа уҭамԥшыц уашьа гәакьа данубо иузцәырҵуа агәырӷьара аҩыза рызцәырҵырц, иатәнатәырц. Аԥсуааи абазақәеи ҳбызшәаҿы иҟоуп убри аазырԥшуа ажәагьы – аибабара. Уи иаанагоит аиԥылара, гәаартыла аицәажәара, нас уи иацу агәырӷьара аиҩшара. Ҳашьцәа ҳзаауеит, дареи ҳареи ҳаибабарц. Аныҳәа рыманы иаҳзаауеит: рашәақәа, рыкәашарақәа азырхианы, рчысгьы рнапы иқәыргыланы. Абри аҩыза афестиваль хымԥада ҳаамҭазтәи акультуратәԥсҭазаара иахәҭакзароуп", – ҳәа лыԥхьаӡоит Арӡынԥҳа.
Акультура-спорттә фестиваль "Абаза" иаҭаар рылшоит изҭаху зегьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аӡәк иеиԥш ҳаихаҵгыланы:
Ҩ-ныҳәак разгәаҭараз, мамзаргьы аԥсуаа рашьцәа ишырҭааз