Валери Бганба Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхо рыӡбахә иҳәеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәаратә зал ду аҿы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik. Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла ацеремониа иалахәхоит Апарламент, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа, Аконституциатә ӡбарҭа рлахәылацәа.

Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа арыцхә рылаҳәоуп

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит сасцәақәак рыҳасаб ала Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Сергеи Чеботарев, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ольга Тимофеева, ИАР атәылақәа русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аппарат анапхгаҩы Михаил Кротов, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Леонид Калашников, Ҟабарда-Балкариа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Мухамед Кодзоков, ҞБА аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Салим Жанатаев, Ҟарачы-Черқьессиа апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мусса Екзеков, Калмыкиа ахада Бату Хасиков, ареспублика аиҳабыра рхантәаҩы Иури Заицев, Аҩада Уаԥстәыла –Аланиа аделегациа, ареспублика аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Станислав Кесаев инапхгарала.

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа иалахәхоит ДЖәР ахада Денис Пушилин, ПРМА ахада Александр Коршунов.

2019 шықәса рзы аҭоубашьҭаҵара ацеремониа уаанӡатәиқәа шымҩаԥгаз еиԥш имҩаԥгахоит, иҳәеит радио Sputnik аинтервиу аҭо Валери Бганба.

"Ацеремониа ааиртуеит Апарламент аиҳабы, нас ажәа ииҭоит ҿыц иалху атәыла ахада. Ахьыӡрашәа ангалак ашьҭахь ахада инапы иаркхоит– аштандарт, амҳәыр, алабашьа, аҳәа", - иҳәоит Бганба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәаратә зал ду аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: