Аполитикатә партиа "Амцахара" актив инарҭбаау реизара мҩаԥысуеит

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара амш аҽны аоппозициа ахаҭарнакцәа, Алхас Кәыҵниа идгылаҩцәа аизара мҩаԥыргоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Асасааирҭа "Интер-Сухум" аҿы иалагеит аҵыхәтәантәи алхрақәа раан атәылауаа ралхратә зинқәа аилагара рыман ҳәа изыԥхьаӡо аоппозициатә политикатә партиа "Амцахара" актив инарҭбаау реизара. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент.

Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ мап ацәнакит

Апартиа аԥхьагылаҩ, атәыла ахадас акандидат Алхас Кәыҵниа еизаз ҭабуп ҳәа реиҳәеит адыррагьы риҭеит аизара ду аамҭақәак рышьҭахь имҩаԥысраны ишыҟоу апартиаҿы иазыԥхьагәаҭоу еиуеиԥшым аиҿкааратә еиҭакрақәа инарыдҳәаланы.

Цәыббра 20 рзы Алхас Кәыҵниа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ неишьҭит Аԥсны АКХ аӡбра иашам ҳәа иазыԥхьаӡаны.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа иашшыԥхьыӡ еиҭакрада иааннажьит, иҵаҵӷәыркны АКХ аӡбамҭа иашоуп ҳәа ахнаҳәааит.

Жьҭаара 7 рзы Алхас Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа дахашшаны азыҳәа неишьҭит аӡбарҭа аҩбатәи аинстанциахь.

Sputnik аинтервиу аҭо иара иҳәеит ахашшааратә инстанциа иҟоу шыҟоу иааннажьыр Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа апрезидиум ахь азыҳәа шынашьҭхо.