Арадио

Нанба: Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳашьцәа аибашьра еилгеит ҳәа Шьамтәылаҟа имцаӡеит

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра асоциалтә-бзазаратә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Шьамтәыла аибашьра еилгеижьҭеи уаантәи Аԥсныҟа нхара иааз ҳџьынџьуаа аӡәгьы шьҭахьҟа дымцеит ҳәа.
Sputnik
Нанба: Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳашьцәа аибашьра еилгеит ҳәа Шьамтәылаҟа имцаӡеит

"Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрраҟны урҭ (Шьамтәылантәи нхара иааз ҳџьынџьуаа-аред.) аибашьра иахҟьаны иааит ҳәа аҳәара азин ҳамаӡам, усгьы иҳамҳәацт. Дара рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит ҳәа ауп ишаҳԥхьаӡо. Аиашазы аԥхьа иаази ара нхара иаанхази рхыԥхьаӡара еиқәымшәозаргьы, уезгьы 450-500 ҩык рҟынӡа араҟа иҟоуп. Аибашьра еилгеит ҳәа рҳәеижьҭеи аӡәгьы дымцаӡеит. Ҵыԥх х-ҭаацәарак цеит, аха сынтәа аӡәгьы, иара убас иҟоуп ҿыцны иааз аҭаацәарагьы", - иҳәеит Нанба.

Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: