"Хра злоу ахҭысқәа": Дбар ашықәс аихшьаалақәа ирызкны
"2018-тәи ашықәс иадҳәалоу рацәоуп, ҳгәы иаахәашаз аԥсадгьыл аҩныҵҟа ахҭысқәа ҟалеит. Урҭ раԥхьа игылоуп Шьамтәылатәи Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ахьалнаршаз. Ари еиҳау адәныҟатәи аусқәа ирыдҳәалоу, даҽа уск ааигәа-сигәа Аԥсны иахьатәи аҭоурых аҿы иҟамлацызт. Ари раԥхьатәи ҳәынҭқарроуп аԥсуа диаспора ахьынхо Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз. Уи анаҩс адипломатиатә асоциалтә-економикатә усеицура азҵаарақәагьы иаҳа аҿиара роуит", — ҳәа азгәеиҭеит Дбар.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.