АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба усутә ныҟәарыла Аԥсны иааны иҟоу атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы Урыстәыла Афедерациатә Хеилак аделегациа дырԥылеит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.
"Адунеиаҿ ауадаҩрақәа рацәоуп. Урыстәыла акәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳаргьы иҳанмырырц залшом", - иҳәеит аиԥылараан атәыла ахада.
Ҳаџьымба дазааҭгыланы иазгәеиҭеит арра-тәылахьчаратә усхк аҟны аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы қәҿиарала аусеицура шымҩаԥырго.
"Арра-тәылахьчаратә усхк аҟны аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы қәҿиарала русеицура иарӷәӷәоит алшарақәа, иаԥнаҵоит ҳҳәынҭқаррақәа ирзырхо ашәарҭара аицаҿагыларазы аҭагылазаашьа бзиақәа", - иҳәоит иара.
Урыстәылатәи аделегациа ахада, афедерациатә Хеилак аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, аделегациа анапхгаҩы Александр Ракитин иазгәеиҭеит Аԥсны ажәлар урыстәылатәи аррамаҵзурауаа гәыкала ишырзыҟоу, атәыла анапхгара ракәзар адгылара ӷәӷәа шыҟарҵо.
"Ҳара абыжьбатәи арратә база аррамаҵзурауаа ҳарҭан. Иумбарц залшом дара ара ргәы каршәны рнапынҵақәа шынарыгӡо, атәылауаа ргәыбылра шрымоу, арратә усбарҭақәа ракәзаргьы ишеиныруа. Ари ҳара ҳзы акраҵанакуеит, ҳагьеигәырӷьоит", - иҳәеит иара.
Цәыббра 23 рзы Владимир Путин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны арратә мчқәа реиӷьтәразы аԥаразоужьра мҩаԥгазарц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аибашьра адаҟьақәа: Аԥсны арбџьармчқәа шаԥҵахаз аҭоурых
Ҳаџьымба даҭааит Аԥсныи Урыстәылеи рырратә ҽазыҟаҵарақәа