Урыстәылатәи атурист Аԥсны ашьхараҿы хабарда дыбжьаӡит

Урыстәылатәи атурист Тимур Дзеидов Кәыдры анеихиҵәоз жьҭаара 10 рзы Гәылрыԥшь араион Џьамԥал ақыҭан аӡы даанахәеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи атурист Тимур Дзеидов аҳауаҟынтәи аверталиот ала иԥшаара иаҿуп аха макьаназы илҵшәадоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

"Иацы асааҭ 7:00 рзы атурист аӡы дахьыхнаҵаз аҭыԥ аверталиот ахаԥраауан, аха макьаназ аԥшаарақәа лҵшәадоуп. Иахьа аӡышьҭрала иԥшаара ҳалагоит",- иҳәеит Гындиа.

Арыцҳара ҟалеит аԥсшьарҭатә базы "Апсны adventure" жәабаҟа киломметра инацәхыкны. АҶА аҷаԥшьарҭахь адырра ҟаҵан асааҭ 22.15 рзы. Дзеидов иҩызцәа ҩыџьа акыр рҽыршәеит ицхрааразы аха аӡлеира изазымиааиит, рхаҭақәагьы аарла рыԥсы еиқәхеит.

Аԥшааҩцәа ргәыԥ 15 километра рҟынӡа аӡы иаццеит аха ихабар рымбеит.