Арадио

Аиба афестиваль "Абаза" иазкны: аԥсуааи абазааи рҭоурых акзаара аанарԥшып

Аԥсны имҩаԥгахо акультура-аспорттә фестиваль "Абаза" аиҿкаара хықәкыс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәет Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза хеилак алахәыла Алиас Аиба.
Sputnik
Аиба афестиваль "Абаза" иазкны: аԥсуааи абазааи рҭоурых акзаара аанарԥшып

"Ари афестиваль аҵак ду амоуп, избанзар, аԥсуааи абазааи рҭоурых акзаара аанарԥшуеит, ҳаимадара арҭбаауеит, иарӷәӷәоит. Ҵыԥх, раԥхьаӡа акәны, Ҟарачы-Черкесск саннеи ҳгәыԥ аҿы ԥсышәала изымцәажәоз ауаа ҳацын. Сара аԥсышәала сцәажәон, дара - абаза бызшәала аҭак сырҭон, убри аан аилыибакаара ҳабжьан, уи иагьымариан. Аҿар ирыздыруам ҳбызшәақәа шьаҭак шрымоу. Афестиваль иабзоураны аӡәырҩы еилыркаап ҳара жәларык шҳаку", - ҳәа азгәеиҭеит Аиба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: