АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аԥсны АҶА ихацнаркит аминаҵхразы атренингқәа аҩбатәи ретап. Апроект мҩаԥысуеит Аџьар Ҟаԥшь аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра.
Атренингқәа ирхықәкы хадоуп – Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаараан иԥжәар зылшо амаҭәарқәа реихыхраз аҟазауаа разыҟаҵара.
Апроект актәи аетап мҩаԥысуан 2019 шықәса ааԥынрази аԥхынрази.
Атренингқәа аҩбатәи ретап атеориатә зыҟаҵарақәа рыла ирылагеит. Абри ашьҭахь аполигонқәа руак аҿы апрактикатә зыҟаҵарақәа ирылагоит.
"Аполигон аҿы иԥжәо амаҭәарқәа римитациа ҟаҵаны еиҵаҳхуеит аԥҟарақәа ирықәыршәаны, ашәарҭадара ҳақәныҟәаны", - ҳәа иҳәоит Аԥсны АҶА апиротехника аҟәша аиҳабы Рамиз Цыгәба.
Аусбарҭа анапхгара ражәақәа рыла атренингқәа АҶА аусзуҩцәа рҟазара аизырҳара иацхраауеит. Апрактикатәи атеориатәи дыррақәа анроулак ашьҭахь АҶА аусзуҩцәа жәларбжьаратәи ахаҭабзиара змоу асертификатқәа роуеит.
"Атренингқәа мҩаԥыргоит Аџьар Ҟаԥшь аделегат далархәны, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәыршәаны", - ҳәа иҳәоит Аԥсны иҟоу МККК амиссиа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Борис Казанба.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аџьар ҟаԥшь Аԥснытәи аԥсыжырҭа ҿыцқәа ҭырҵаауеит