Арадио

Барцыц еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы аԥшатлакә ҟалар ахьалшо аҭыԥқәа ртәы

Аԥсны Адгьылҭҵааҩцәа рхеилак аиҳабы Леуард Барцыц Sputnik арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥшатлақәқәа Аԥсны еиҳарак иуԥылар ахьалшо.
Sputnik
Барцыц еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы аԥшатлакә ҟалар ахьалшо аҭыԥқәа ртәы

"Ҳара Аԥсны ԥшь-ҭыԥк алкааны иҳамоуп аԥшатлакә ҟалар иахьалшо. Аиҳарак урҭ амшын иахьаҵанакуа ауп. Цәкәара ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы зегь реиҳа аԥшатлакә убар улшоит. Убри инаркны Гәдоуҭа ақалақь уалсаанӡа Бамбора ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟынӡа аҽаҟьоит. Гәылрыԥшь иахьаҵанакуагьы лассы-лассы аҽаҟьоит. Иҳамоуп ашьхаҭыԥқәа аԥшатлакқәа ахьыҟало. Гагра иаҳа имаҷуп, аха убраагьы лассы-лассы ирбоит амшын агәаҿы. Амшын аҿы иаҳа изыҟало убри ауп, ажәҩан аҿы ԥшьба-ааба километр рҟынӡа иҳаракны аҳауа аҽаԥсахуеит, убра аҳауақәыӷәӷәара лаҟәуеит. Амшынқәыԥшылараҿы аҳауақәыӷәӷәара лаҟәуп. Ус анакәха, ҭыԥк аҿы иалкааны аҳауа аҩада ишьҭыҵуа иалагоит. Адгьыл ахьыгьежьу иабзоураны аҳауа еилагьежьуа иалагоит. Аха Аԥсны иахьаҵанакуа шамахамзар, имаҷуп аԥшатлакәқәа. Жәашықәса-жәаҩашықәса рахьтә знык ауп ианыҟало", -ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.