Арадио

Гәбаз: аҳәынҭқарратә ҿаҵатәы ыҟамкәа аҭитә ҳзааӡаӡом

Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҳәынҭқарратә ҿаҵатәы роур, апальма ҵлақәа рааӡара шрылшо.
Sputnik

Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа апальмақәа быжьба еиҭаҳан, уи аԥхьа ичмазаҩханы ихырҵәаз аҵлақәа рҭыԥан.

 

Гәбаз: аҳәынҭқарратә ҿаҵатәы ыҟамкәа аҭитә ҳзааӡаӡом

"Аботаникатә баҳчаҟны иахьа 15 хкы апальмақәа ҳамоуп, ҳколлекциа Кавказ зегь раасҭа ибеиоуп. Абаҳчаҟны алшара ҳамоуп апальма аиҭаҳатәқәа рааӡара, аха макьана аҳәынҭқарратә ҿаҵатәы ыҟам. Уи иаҭахуп ахарџь. Ари ақалақь иаҳҭаз ҳхазы иаҳааӡаз аҵлақәа роуп, хәыҷык иахашәаланы иҳаман. Егьыс аҿаҵатәы ыҟамкәа иахьа иаҳҭииртә алшара ҳамам.

 

Атеатр аԥхьа апальмақәа аԥҟарақәа инарықәыршәаны иаамҭамкәа еиҭаҳахеит. Ачымазара иахҟьаны аҵлақәа хырҵәеит уа, даара иԥшӡамкәа улаԥш иҵашәон аҟынтәи ираҳҭеит еиҭарҳарц, иаанхозар ҳәа ҳгәыӷуеит. Урҭ апальмақәа реиҭаҳара аамҭа ааԥын лаҵарамзазы ауп", - иҳәеит Гәбаз.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.