Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа реицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аԥсны ашьхареи амшын аԥшаҳәеи рыҟны зықьҩык рҟынӡа Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа злахәу аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аруааи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруааи реицҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны азенит-ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10" рхархәарала "аӷа" аҳауаҟынтәи ижәылара аԥырҟәҟәаан. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа Аԥсны изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Акәылӡтәы арратә техника аколонна аҳауаҟынтәи иԥшаан, амцагьы "ажәҵан".

Азенит-ракетатә комплексқәа арадиоԥырхагара шырзыруазгьы, аԥшыхәра мҩаԥганы, "аӷа" иавиациа ажәылара аԥдырҟәҟәааит.

Аицҽазыҟаҵара хықәкыс иаман арҟәшақәа русеицура алҵшәа бзиақәа аарышьҭыртә аҟаҵара.

Аҽазыҟаҵарақәа раан аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны аҽазыҟаҵара иахысуан зықьҩык рҟынӡа аруаа, 150 ак арратә техника.