Аҟәа иаатит афестиваль "Абаза"

Акультура-спорттә фестиваль "Абаза" мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаара 16 - 18 рзы. Афестиваль аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи Ельбурган амузеии реиццәыргақәҵала.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Акультура-спорттә фестиваль "Абаза" мҩаԥысуеит Аҟәа жьҭаара 16 - 18 рзы ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аҟәа иаатит афестиваль "Абаза"

Афестиваль аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи Ельбурган амузеии реиццәыргақәҵала.

Афестиваль ахь ихатәы експозициа ааигеит аколлекционер Муҳамед Туков.

Аҟәа иаатит афестиваль "Абаза"

"Сара схатәы коллекциаҿы 800 експонат сымоуп, аха урҭ зегьы арахь исзаамгеит. Иахьа ицәыргақәҵоуп амилаҭ цәамаҭәа, афотосахьақәа", - еиҭеиҳәоит Туков.

Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еизаз аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи ирыдгалан абаза чысхә.

Аҟәа иаатит афестиваль "Абаза"