Аџьазлых напхаҵа, агәлаҵа, амацәаз: Алаҳаӡытәи аԥшаахқәа

Алаҳаӡы ақыҭан ирыԥшааз аџьазлых напхаҵа, агәлаҵа, амацәаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны рыҭҵаара иаҿуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 18– Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭа ауаҩԥсы иуҭраҿы ибеит аџьазлыхқәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахьгьы инеигеит.

Аџьазлых напхаҵа, агәлаҵа, амацәаз: Алаҳаӡытәи аԥшаахқәа

"Сыԥшәма – Асҭамыр Аиба аусурақәа раан абаҳчаҿы иԥыхьашәеит аџьазлых напхаҵа, агәлаҵа, амацәаз. Иара аҭоурых бзиа ибоит, иҭиҵаауеит, убри азы аԥшаахқәа аҵакы шрымоу дырны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахь инеигеит", - Sputnik иазеиҭалҳәеит Асҭамыр Аиба иԥҳәыс Маргарита Ачԥҳа.

Аџьазлых напхаҵа, агәлаҵа, амацәаз: Алаҳаӡытәи аԥшаахқәа

Лара еиҭалҳәеит лхаҵа ахаангьы абасеиԥш акы аԥшаара дшазхьуаз. Аԥшаахқәа рыхәшьара амузеи аусзуҩцәа ишьақәдыргылар ауп.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа ишьақәирӷәӷәеит аџьазлых ԥшаахқәа мышқәак раԥхьа ишизнаргаз, уажәы икабинет аҿы асеиф ишҭо. Артефактқәа рышықәс макьаназ ишьақәыргылам.

Аџьазлых напхаҵа, агәлаҵа, амацәаз: Алаҳаӡытәи аԥшаахқәа